Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 43-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 43-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ атестқәа рзыҟарҵеит  187 -ҩык, урҭ рҟынтә  43-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Гәдоуҭатәи араионтә ахәышәтәырҭаҿ ишьҭоуп 73-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 8-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан 825-ҩык aуaaҧсырa,  236-ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит, 7-ҩык иҧсит.