Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 41-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 41-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 248-ҩык, урҭ рҟынтә 41-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 148-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 29-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ иԥсҭазаара далҵит 1943 шықәсазы ииз апациент.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  5 065-ҩык aуaaҧсырa, 3 466-ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит,  61-ҩык иҧсит.