Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 39-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 39-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 155 -ҩык, урҭ рҟынтә 39-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 139-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 35-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ иԥсҭазаара далҵит  1947 шықәсазы ииз ахаҵа.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  5 213-ҩык aуaaҧсырa, 3 488 -ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит, 65-ҩык иҧсит.