Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа  148-ҩык рыдбалоуп, рыԥсҭазаара иалҵит ԥшьҩык апациентцәа
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 148-ҩык рыдбалоуп, рыԥсҭазаара иалҵит ԥшьҩык апациентцәа

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит  543 -ҩык, урҭ рҟынтә 148-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 213-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 26-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны рыԥсҭазаара иалҵит ԥшьҩык апациентцәа.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан 9613-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит 7 224 -ҩык,  рыԥсҭазаара иалҵхьеит 140-ҩык.