Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 140-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 140-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит  547-ҩык, урҭ рҟынтә 140 -ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 260 -ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 35-ҩык ртагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  8 011-ҩык aуaaҧсырa, урҭ рҟынтә ачымазара иалҵхьеит  6 173-ҩык, 102-ҩык иҧсит.