Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 13-ҩык ирыдбалан
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 13-ҩык ирыдбалан

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ атестқәа рзыҟарҵеит 67-ҩык, урҭ рҟынтә  13-ҩык aкоронaвирус ирыдбалан.

Гәдоуҭатәи араионтә ахәышәтәырҭаҿ ишьҭоуп 19-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә хҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан 308-ҩык aуaaҧсырa, 117 -ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит, 4-ҩык иҧсит.