Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 116-ҩык рыдбалоуп, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 116-ҩык рыдбалоуп, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 386 -ҩык, урҭ рҟынтә 116-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 117-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 28 -ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ рыԥсҭазаара иалҵит  хҩык апациентцәа – 1961-и 1964-и шықәсқәеи рзы ииз ахацәеи 77 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыски.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  5 558-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит 3 630-ҩык, 73-ҩык иҧсит.