Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 109-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 109-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 500-ҩык, урҭ рҟынтә 109 -ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 157 -ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 31-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  6 313-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит 4 257-ҩык, 84-ҩык иҧсит.