Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 108-ҩык ирыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 108-ҩык ирыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 506-ҩык, урҭ рҟынтә 108-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 152-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 27-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ пациентк дыԥсит.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан 10 486-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит  8 190-ҩык,  рыԥсҭазаара иалҵхьеит 152-ҩык.