Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 104-ҩык ирыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 104-ҩык ирыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 104-ҩык ирыдбалоуп, рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа.

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 525-ҩык, урҭ рҟынтә 104 -ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 249-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 32 -ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан   8563-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит 6 746-ҩык.