Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 39 афакт ҿыцқәа аарҧшуп
Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 39 афакт ҿыцқәа аарҧшуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит  308-ҩык, урҭ рҟынтә 39-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 135-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 16-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  12 145 -ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит 11 775 -ҩык,  рыԥсҭазаара иалҵхьеит  193-ҩык.