Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 37 афакт ҿыцқәа аарҧшуп
Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 37 афакт ҿыцқәа аарҧшуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит  431-ҩык, урҭ рҟынтә 37-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 176-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 24-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла  Гәдоҭатәи ахәышәтәырҭаҿ ҩыџьа апациентцәа иҧсит.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  12 025-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит 11 628 -ҩык,  рыԥсҭазаара иалҵхьеит  191-ҩык.