Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 25 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, аӡәы иԥсҭазаара далҵит
Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 25 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит  250-ҩык, урҭ рҟынтә 25-ҩык aкоронaвирус рыдбалан, аӡәы иԥсҭазаара далҵит.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 102-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 17-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  12 725-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит 12 017-ҩык,  рыԥсҭазаара иалҵхьеит  196-ҩык.