Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 112 афакт ҿыцқәа аарҧшуп
Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 112 афакт ҿыцқәа аарҧшуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 451-ҩык, урҭ рҟынтә 112-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп  272-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 35-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ пациентк иԥсҭазаара далҵит.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус рыдбалан 11 096-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит 8 943-ҩык,  рыԥсҭазаара иалҵхьеит 157-ҩык.