Илиа II  Леқсо Лашкарава иуацәа дрыдашшылеит
Илиа II  Леқсо Лашкарава иуацәа дрыдашшылеит

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх  Илиа Аҩбатәи иҧсыз аҭыхҩы Леқсо Лашкарава иан Ҭинатин Кахиӡеи, иҭаацәара алахәылацәеи, иуацәеи дрыдашшылоит. Илиа Аҩбатәи идашшыларатә шәҟәы аланарҵәеит Қырҭтәыла Апатриархиа.

«Ҳәарада, шәхылҵ иҧсра  —  шәара шәзы арыцҳара дууп, ахьаа дууп, аха, шәара агәра ганы шәыҟазароуп нырцәгьы аҧсҭазаара шыҟоу.

Агәра ганы шәыҟаз, иара иҧсы ҭоуп, иара иҟны аимадара шәымазар шәылшоит  аныҳәара ала.

Ҳаргьы ҧсра зқәым иҧсы азы ҳныҳәоит.

Анцәа амчи, адоуҳатә ҭынчреи, аицамкреи  шәиҭааит.

Леқсо иҧҳәыси ихылҵи Анцәа дырхылаҧшааит», — иануп Илиа  II идашшыларатә шәҟәы аҟны.