Илиа аҩбатәи иҳақьым ишылҳәаз ала, Апартриарх акоронавирус азы атест изыҟарҵар ҟалап
Илиа аҩбатәи иҳақьым ишылҳәаз ала, Апартриарх акоронавирус азы атест изыҟарҵар ҟалап

Илиа аҩбатәи иҳақьым  Цисана Шартава ишылҳәаз ала, апартриарх акоронавирус азы атест изыҟарҵар ҟалап.

Лара лажәақәа рыла, Апатриарх имаӡаныҟәгаҩ-референт Шорена Ҭеҭруашвили раҧхьатәи атест лзыҟарҵан, адиагноз лзышьақәдырҕәҕәеит, уажәы ПЦР атест ала лгәаҭара иаҿуп.

Цисана Шартава лҳәамҭала, Шорена Ҭеҭруашвили Апатриарх иааигәара днеиӡомызт, адистанциа лыхьчон, аха, уезгьы, Апатриарх атест изыҟаҵара иадҳәаланы аепидемиологцәа рыӡбара иазыҧшуп.