Илҳам Алиев Гьаргь Гахариа Аҧыза министр иалхра идиныҳәалеит
Илҳам Алиев Гьаргь Гахариа Аҧыза министр иалхра идиныҳәалеит

Азербаиџьан аахада Илҳам Алиев Гьаргь Гахариа аҩынтәраан Аҧыза министрс иалхра идиныҳәалеит.

 

«Гәыкала ишәыдысныҳәалоит аҩынтәраан Аҧыза министрс шәалхра. Иахьа азеибаиџьан-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа ганрацәала аҿиара иаҿуп, ҳажәларқәа аиҩызареи аигәылареи ала еидҳәалоуп.

Аполитикатәи аекономикатәи агуманитартә аусхкқәа рҿы иҳабжьоу ҳаидарақәеи ҳусеицуреи ҳаҧхьаҟагьы ҳажәларқәа ишрыхәаша ала аҿиара нарыгӡап, ҳусеицура иаҳа иҕәҕәахап  ҳәа сгәыҕуеит.  Агәабзиареи, аразҟи, аҭакҧхықәра ду зцу шәусураҿы ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит», — иануп Илҳам Алиев идныҳәаларатә шәҟәы аҟны.