“Иҟaҵa Қырҭтәылaҿ” aпрогрaммa аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхыз афильм "Форсаж" апремиера мҩаԥгахоит
“Иҟaҵa Қырҭтәылaҿ” aпрогрaммa аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхыз афильм "Форсаж" апремиера мҩаԥгахоит

“Иҟaҵa Қырҭтәылaҿ” aпрогрaммa аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхыз афильм “Форсаж 9” (Fast and Furious 9) апремиера мҩаԥгахоит лаҵара 19 рзы.

Еицырдыруа аблокбастер аепизодқәа рҭыхра апроцесс Қырҭтәыла мҩаԥган Аекономикеи иҭышәынтәaлоу aҿиaреи рминистррa иaҵaнaкуa “Иҟaҵa Қырҭтәылaҿ” aпрогрaммa – “Иҭых Қырҭтәылaҿ” aҳәaaқәa ирҭaгӡaны. UNIVERSAl PICTURES рфильм аҿы Қарҭи Русҭавии рҿы иҭыху акадрқәа иубарҭоуп: Русҭавели имҩаду, Ахьыԥшымра ашҭа, Пушкини, Бессарион Жӷентии, Авҭо Варазии, Ауниверситети рымҩақәа, Русҭавтәи аџьармыкьа атериториа.

Афильм аус адулара апроцесс рхы аладырхәит 600-ҩык рҟынӡа, урҭ рҟынтә 425 аҭыԥантәи уааԥсыран. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аусурҭа ҭыԥқәа роуит 4000-ҩык рҟынӡа. Қырҭтәыла афильм аҭыхразы америкатәи еилахәыра анырхит 32 млн лари.

“FF9  – арегион аҿы UNIVERSAl  Studios-b Енкени филмси иҭырхыз раԥхьаӡатәи голливудтәи фильмуп,” – аарыцҳаит  “Иҟaҵa Қырҭтәылaҿ” аҟынтә.