Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа Америка асенаторцәа ашәҟәы рыздәықәырҵеит
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа Америка асенаторцәа ашәҟәы рыздәықәырҵеит

Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа Америка асенаторцәа ашәҟәы рыздәықәырҵеит

Қырҭтәыла иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа Америка асенаторцәа ашәҟәы рыздәықәҵаны, акризис алҵраҿы иаҳа активла Қырҭтәыла иацхраарц ирыҳәеит.

Ашәҟәы ишану ала, «атәыла крызҵазкәа агеополитикатә проблемақәа ирҭагылоуп, убри аҟынтә, Қырҭтәыла акризис аргәагәара ала Кремль мацароуп хырҳагара зауа. Акризис алҵреи атәылаҿы адемократиа аҿиареи зҵакы дуу факторқәоуп евроатлантикатә структурақәа рышҟа Қырҭтәыла алаларазы».

Қырҭтәыла иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа америкатә сенаторцәа рҟынтә абарҭ апунктқәа рыла ацхыраара иаҳәоит:

«Уажәтәи акризис аҭыҧқәҵараҿы Америка алахәызаара аизырҳара. Еилыкка иҳәатәуп  астатус-кво, мамзаргьы партиак злоу апарламент евроатлантикатә структурақәа ралалара ишаҧырхагоу.

Акризис адеескалациа мҩаҧгазароуп иҭаку  (Ника Мелиеи Гьаргь Руруеи) рхақәиҭтәреи  дара русқәа реилыргара аанкылареи ала.

Аӡбаратәи алхратәи реформақәа рымҩаҧгаразы аҳәара иқәыргылатәуп. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәеи, Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәеи, Алхратә комиссиа хада алахәылацәеи ралхра аан аоппозициаа рықәшаҳаҭра иҟазароуп. Апарламент ахьгьы аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахьгьы алхрақәа мҩаҧгазароуп апропорциатә системала.  Абарҭ асистематә аиҭакрақәа рымҩаҧгара иалагароуп  2021 шықәса ааҧынратә сессиа инаркны.

Еиуеиҧшым аинститутқәа рҿы, апарламентгьы уахь иналаҵаны,  амчра аизшара апроцесс мҩаҧгазароуп. Апрокурор хада иқәыргыларазы аоппозициаа рықәшаҳаҭра иҟазароуп.

Анапхгаратә партиа, ақырҭуа жәлари жәларбжьаратәи апартниорцәеи рҿаҧхьа абарҭ аҧхықәрақәа рхы анадырҵалак,  аоппозициаа  2020 шықәсатәи алхрақәа раан апарламент аҿы ироуз аҭыҧқәа ааныркылароуп,  аинституциатә политикатә процесси зыӡбахәы ҳәоу ареформақәа рымҩаҧгареи  иалахәызароуп», — иануп аҳәамҭаҿы.

Ашәҟәы рнапы аҵарҩит  — Transparency International-Қырҭтәыла, Қырҭтәыла иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа, ISFED, афонд  «Иаарту ауаажәларра»,  «Алибералтә академиа». Дара ишырҳәаз ала,  «уажәазы атәыла акризис иалҵырц азыҳәан, адәныҟатәи аҽалагалара аҭахуп».