Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Урыстәыла акоронавирус 11 571  афакт ҿыцқәа аарҧшын, рыԥсҭазаара иалҵит 333-ҩык
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Урыстәыла акоронавирус 11 571 афакт ҿыцқәа аарҧшын, рыԥсҭазаара иалҵит 333-ҩык

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Урыстәыла акоронавирус 11 571 афакт ҿыцқәа аарҧшын, ачымазара иалҵит 11 277 -ҩык, иԥсит 333-ҩык. Ари атәы аарыцҳаит урыстәылатәи аих аопепративтә штаб аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Урыстәыла иахьаҵанакуа акоронавирус амзызла рыԥсҭазаара иалҵхьеит  86 455 -ҩык.

Аепидемиа ианалага инаркны иахьанӡа Урыстәыла акоронавирус рыдбалан  4 257 650-ҩык.