Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa Шәaмaхьтәылa aкоронaвирус 157-ҩык рыдбалан
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa Шәaмaхьтәылa aкоронaвирус 157-ҩык рыдбалан

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa Шәaмaхьтәылa aкоронaвирус 157-ҩык рыдбалан, 259-ҩык ачымазара иалҵит. Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Шәамахьтәыла  6-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Ари атәы аарыцҳаит аҭыԥантәи аих атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә ироуз адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла иҟаҵан 3 205 атестқәа.

Апандемиа иалагеижьҭеи Шәамахьтәыла aкоронaвирус рыдбалан 222 139-ҩык, 211 634-ҩык ачымазара иалҵхьеит, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 4 400 -ҩык.