Иенс Столтенберг -  Урыстәылеи НАТОи реиҿцәажәарақәа иалагаанӡа, Алианс, ахатә партниорцәа рҟны, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны,  активла аконсультациақәа мҩаҧнагоит
Иенс Столтенберг -  Урыстәылеи НАТОи реиҿцәажәарақәа иалагаанӡа, Алианс, ахатә партниорцәа рҟны, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны,  активла аконсультациақәа мҩаҧнагоит

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҳәамҭала, Урыстәылеи НАТОи реиҿцәажәарақәа иалагаанӡа, Алианс, ахатә партниорцәа рҟны, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны,  активла аконсультациақәа мҩаҧнагоит.  Столтенберг ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Бриуссель, Украина – НАТО акомиссиа аилатәара аҧхьа.

Украина авице-аҧыза Ольга Стефанишинеи иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы Алианс маӡаныҟәгаҩ хада ишиҳәаз ала,  Урыстәыла  НАТО-Урыстәыла Ахеилак аилатәара амҩаҧгара иахьақәшаҳаҭхаз бзиоуп.

«Сара ари аӡбара садгылоит. Ҳазну амчыбжь азы НАТО-Урыстәыла Ахеилак аилатәара мҩаҧаагоит, уи даараӡа ибзиоуп. Ҳара европатәи ашәарҭадареи арратә ауранагӡара аартызаареи, ашәарҭарақәа реиҵатәреи иазку азҵаарақәа ҳрылацәажәоит.  Урыстәыла изыргәамҵуа аадыруеит, ҳара хымҧаада уи иазҧхьагәаҳҭоит, аха, Урыстәылагьы ҳара ҳзыргәамҵуа иазҧхьагәанаҭароуп. Абарҭ азҵаарақәа  рылацәажәара аан Украинаҟны аконсультациақәа мҩаҧаагоит, иара убас, егьырҭ ҳпартниорцәагьы, Қырҭтәылеи, Молдовеи, Финлиандиеи, Швециеи, Европатәи Ахеилаки рҟны аконсультациақәа мҩаҧаагоит.  Ҳазну амчыбжь азы имҩаҧысуа аиҧыларақәа ран азҵаарақәа зегьы ҳаӡбоит ҳәа сыҟам, аха апроцесс алагаразы ҳаиқәшаҳаҭхароуп.  Аҩ-ганк уи рҭахуп ҳәа сгәыҕуеит », — иҳәеит Столтенберг.

.