Иенс Столтенберг – НАТО Молдова аҟны аусеицура  арҕәҕәара ргәы иҭоуп   
Иенс Столтенберг – НАТО Молдова аҟны аусеицура  арҕәҕәара ргәы иҭоуп   

 

НАТО Молдова аҟны аусеицура  арҕәҕәара ргәы иҭоуп. НАТО маӡаныҟәгаҩ хада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Молдова ахада Маиа Санду ҭелла данлацәажәа ашьҭахь.

Столтенберг ишиҳәаз ала,  НАТО ҳаҧхьаҟагьы Молдова иацхраауеит ашәарҭадареи атәылахьчареи арҕәҕәара аус аҿы.

Маиа Санду Столтенберг ҭабуп ҳәа иалҳәеит кыраамҭа иалагӡаны Молдова иазаадырҧшуа адгыларазы. Молдова ахада ишылҳәаз ала, НАТО ацхыраара ала, Молдова, ашәарҭадара асектор аҿы ареформа амҩаҧгареи амилаҭтә ар амодернизациа апроцесс алагареи алшеит.

Аконституциа инақәыршәаны, Молдова анеитралтә статус амоуп, аха, апартниорра хазхаҭалатәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, НАТО аҟны аусеицура иаҿуп.

Маиа Санду Молдова ахада иҭыҧ аанылкылеит ҧхынҷкәын 24 рзы. Ажьырныҳәа 12 рзы Маиа Санду раҧхьатәи официалтә визитла зны Киев, анеҩс, Бриуссель даҭаауеит.