Иенс Столтенберг  - Нато адәныҟатәи аусуқәа рминистрцәа Қырҭтәылазы ирҿыцу апакет аҭаразы еиқәшаҳаҭхеит
Иенс Столтенберг  - Нато адәныҟатәи аусуқәа рминистрцәа Қырҭтәылазы ирҿыцу апакет аҭаразы еиқәшаҳаҭхеит

Нато адәныҟатәи аусуқәа рминистрцәа Қырҭтәылазы ирҿыцу апакет аҭаразы еиқәшаҳаҭхеит. Ари атәы ааицҳаит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Нато адәныҟатәи аусуқәа рминистрцәа реиԥылара ашьҭахь.

Иенс Столтенберг иажәақәа рыла, Қырҭәыла иахьа имҩаԥысуа еиԥылараҿ ахьалахәу, Нато ари атәыла шадгыло шьақәнарӷәӷәоит.

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ишааицҳаз ала, иахьатәи еиԥылараҿ Нато иалоу атәылақәа даҽазнык шьақәдырӷәӷәеит Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асуверенитеи шрыдгыло.