Иенс Столтенберг -  2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи НАТО ишалало азы аӡбара ҳадаҳкылеит, аха, усҟан аконкреттә арыцхә ҳамҳәеит
Иенс Столтенберг -  2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи НАТО ишалало азы аӡбара ҳадаҳкылеит, аха, усҟан аконкреттә арыцхә ҳамҳәеит

2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи НАТО ишалало азы аӡбара ҳадаҳкылеит, аха, усҟан аконкреттә арыцхә ҳамҳәеит, — иҳәеит  НАТО амаӡаныҟәгаҩ  хада Иенс Столтенберг La Repubblica аинтервиу анеиҭоз.

«Украина азыҳәамҭа ҟанаҵахьеит, ҳара ари азҵаара аус адааулоит. Ареформақәа рымҩаҧгараҿы ҳрыцхраауеит. 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи НАТО ишалало азы аӡбара ҳадаҳкылеит, аха, усҟан аконкреттә арыцхә ҳамҳәеит,  – иазгәеиҭеит Столтенберг.

Иара Урыстәылеи НАТОи реиҿцәажәарақәагьы дырзааҭгылан, ишиҳәаз ала, ари апроцесс уадаҩын, аҩ-тәылак дара изыцәшәо апроблемақәа ирылацәаҳәон. Алианс амаӡаныҟәгаҩ хада иҳәамҭала,  аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟала абри аҩыза аиҧылара раҧхьаӡа акәны имҩаҧган, уажәазы иҟоу аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны иуҳәозар, абри аҩыза аиҧыларақәа аҵакы ду рымоуп.