Иахьазы иҟоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла авакцинациа иахысит  20 622ҩык ауааҧсыра
Иахьазы иҟоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла авакцинациа иахысит  20 622ҩык ауааҧсыра

Ачымзарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, иахьазы атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа ҟарҵахьеит  20 622ҩык атәылауаа.

«Атәылаҿы ауаажәларратә иммунитет иҟазарц азыҳәан, ҳара есымша  3000 инаркны  4000 аҟынӡа алаҵақәа ҟаҳҵалароуп.  Уи ҳалшазҭгьы хәажәкыреи мшаҧи рзы  200 000 инаркны  300 000ҩык рҟынӡа знык алаҵа ҟарҵахьазаарын,  50 000ҩык раҟара ауааҧсыра ҩынтә иҟарҵахьазаарын. Иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп авакцинациа апроцесс арҭбааразы», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.