Иахьа Токио аолимпиада аадыртуеит  - арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканал ишиашо аефир аҿы  #1TVSPORT
Иахьа Токио аолимпиада аадыртуеит  - арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканал ишиашо аефир аҿы  #1TVSPORT

 

Ҧхынгәы 23 инаркны нанҳәа  8нӡа Токио Аолимпиатә хәмаррақәа мҩаҧысуеит. Урҭ рхы рыладырхәоит  11 000 иреиҳаны аспортсменцәа  206 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә.

Токио-2020 аофициалтә аартра мҩаҧысуеит ҧхынгәы  23 асааҭ  15:00 рзы. Аартра ацеремониа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканал ишиашо ицо аефир аҿы.

Токио-2020 ҵыҧх имҩаҧысраны иҟан, аха акоронавирус апандемиа аолимпиада хырҧан.

Аспорттә уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит Токио  42 стадионқәа рҿы.

Қырҭтәыла ахьӡала Токио иқәгылоит  35ҩык аспортсменцәа  11 адтсциплинақәа рҿы.