Иахьа Шәамахтәыла ахада аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит
Иахьа Шәамахтәыла ахада аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит

Иахьа Шәамахьтәыла ахада Армен Саркисиан аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит.

Қырҭтәыла ахада лусбарҭаҿы ишаарыцҳаз ала, Шәамахьтәыла ахада Армен Саркисиани иҧҳәыс Нуне Саркисиани рҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧысуеит мшаҧы 15 рзы, Орбелианиаа рхан аҿы.

Авизат аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи рхадацәа еиҧылоит, анеҩс, дара апрессазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Иара убас, Шәамахьтәыла ахада Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩгьы диҧылоит, нас,  Ашәамах кафедралтә ныхабаашҟа днеиуеит.