Иахьа Қырҭтәыла  зехьынџьара  ашколқәа рҿы  аҵаратә процесс  иалагеит
Иахьа Қырҭтәыла зехьынџьара ашколқәа рҿы аҵаратә процесс иалагеит

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбамҭа инақәыршәаны, иахьа Қырҭтәыла зехьынџьара аҵаратә процесс ишьақәгылоу арегулиациақәа инрыәқыршәаны, аклассқәа рҿы иалагеит.

Аҵара аминистрра аинформациа ала,  ашколқәа зегьы иахәҭоу аресурсқәа зегьы еибыҭоуп. Аҵаратә усбарҭақәа аҵаҩцәа рыдкылара иазхиоуп. Ашколхәыҷқәа ршәарҭадара ахьчаразы абжьагарақәеи хымҧада инагӡатәу аҧҟарақәеи иҟоуп. Ашколқәа зегьы  рҿы ари аинформациа рымоуп, ашколқәа аҭаацәа иддырдырроуп  аклассқәа рҿы аҵаратә процесс шеиҿыркаауа.

Аха, аамҭакала амч амоуп  2020-2021 аҵаратә ашықәс алагамҭазы аҵара аминистрра ирыдыркылаз ақәҵара, уи инақәыршәаны, ашколқәа рхала ирыӡбар рылшоит анахарала аусура нарыгӡоу, аклассқәа рҿы аҵаратә процесс иалагоу.

Иара убас, Акоординациатә хеилак аӡбара ала, арҵаҩцәа ҩымчыбжь рыла знык атестирра иахысуеит  зегьы.