Иахьа Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшуп
Иахьа Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшуп

2021 шықәса мшаҧы 7 рзы рыцҳарала иҭахаз, импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоз Қырҭтәыла атәылауаа ҳаҭырла ргәаларшәара амзызла, Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапы зҵаиҩыз ақәҵара инақәыршәаны, Қырҭтәыла зехьынџьара алахьеиқәшаратә мшы рылаҳәоуп.

Атәыла зехьынџьара административтә хыбрақәа рҿы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп.

Мшаҧы 7 рзы иҟалаз арыцҳара иалаӡит Гал араион иқәынхоз ҧшьҩык ауааҧсыра. Дара ампыҵахалатә цәаҳәа ианахысуаз Егры аӡиас иагеит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррақәа рыла, Урыстәыла ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылар ҳәа ишәаны, арҭ ауаа Егры аӡиас иахысны Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьыл ашҟа ииасыр рҭахын.