Иахьа Қырҭтәыла Актәи аканал Давиҭ Соколов иеҵәа аанартуеит
Иахьа Қырҭтәыла Актәи аканал Давиҭ Соколов иеҵәа аанартуеит

Иахьа Қырҭтәыла Актәи аканал,  Қарҭтәи ателебааш аҧхьа иҟоу апарк Мҭаҵминдаҿы, еицырдыруа ателеамҩаҧгаҩ  Давиҭ Соколов иеҵәа аанартуеит.

Қырҭтәыла ателехәаҧшра анаадырты инаркны, кыршықәса рыҩнуҵҟа Давиҭ Соколов  аинформациатә дырраҭара  «Моамбеи»  еиуеиҧшым ауаажәларра-политикатә программақәеи мҩаҧигон. Иара убас, арадио аҿгьы аус иуан.

Қарҭтәи ателебааш аҧхьа иҟоу парк Мҭаҵминадаҿы еиуеиҧшым ателеусзуҩцәа рыеҵәақәа аадыртхьеит, урҭ иреиуп Алеқсандра Маҷавариании, Лиа Миқаӡеи, Джулиета Вашакмаӡеи, Жанета Арчваӡеи, Нугзар Джугелии, Ҭенгиз Наҭаӡеи.