Иахьа  Михаил Саакашвили Горитәи агоспиталь ашҟа диаргоит, анеҩс иара амлашьра даҟәыҵуеит
Иахьа  Михаил Саакашвили Горитәи агоспиталь ашҟа диаргоит, анеҩс иара амлашьра даҟәыҵуеит

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Горитәи агоспиталь ашҟа ииагара дақәшаҳаҭхеит. Ари атәы ааицҳаит Михаил Саакашвили идукат Ника Гварамиа.

«Иара Горитәи агоспиталь ашҟа ииагара дақәшаҳаҭхеит, уахь даннаргаалак амлашьра даҟәыҵуеит.   Уаҟа ишахәҭоу еиҧш ишихылаҧшуа аадыруазароуп, аҳақьымцәа есымша аинформациа ҳарҭалароуп», — иҳәеит Гварамиа.

Иара иажәақәа рыла, Саакашвили иахьаҵәҟьа Горитәи агоспиталь ашҟа диаргоит.