Иахьа инаркны амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагеит
Иахьа инаркны амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагеит

Иахьа инаркны амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагеит.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак ари аӡбара аднакылеит ҩымш раҧхьа.

Амуниципалтә транспорт аус ауӡомызт лаҵара 3 инаркны 12-нӡа.

Аныҳәамшқәа раан ишьақәыргылаз аҧкрақәа аҧыххоит иахьа, лаҵара 13 инаркны.

Аха, ҵхыбжьон асааҭ  21:00  инаркны  05:00-нӡа аиҭаҵра ишьақәыргылоу аҧкра амч амазаауеит.