Иахьа Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара анагӡара азҵаарақәа ирыхәаԥшуеит
Иахьа Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара анагӡара азҵаарақәа ирыхәаԥшуеит

Иахьа Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара анагӡара азҵаарақәа ирыхәаԥшуеит.

Қырҭтәыла апарламент апрессмаҵзура аинформациа ала, Қырҭтәыла апарламент аделегациа алахәылацәа Урыстәыла иаҿагыланы алагалаз ауси уи азы ирыдыркылаз аӡбамҭа анагӡареи ирызку азҵаараҵәа ирыхәаԥшуеит.

Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа аӡынтәи асессиа иацы аатит. Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиаҿ Қырҭтәыла 2020 шықәсазы имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа ирызкны ассамблеиа анаԥшратә миссиа аҳасабырба ирыхәаԥшит. Ари аҳасабырба ассамблеиа алахәылацәа рызцәыригеит амиссиа анапхгаҩы Тони Коқс.

Аҳасабырба азыӡырҩра рхы аладырхәит Қырҭтәыла аделегациа алахәылацәа.