Иахьа ақырҭуа делегациа Бриуссельҟа идәықәлоит
Иахьа ақырҭуа делегациа Бриуссельҟа идәықәлоит

Аҧыза-министр анапхгара ззиуа ақырҭуа делегациа Бриуссельҟа идәықәлоит, уаҟа ассоциациатә трио аҧыза-министрцәа Евроеидгыла иреиҳаӡоу анапхгаратә хаҿқәа ирҧылоит, — аиҳабыра реилатәара ашьҭахь ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани.

Иара иажәақәа рыла, абри авизит алагьы иубарҭоуп Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгылахь аинтеграциа аҵакы ду шанаршьо.

«Авизит мҩаҧысуеит Мрагыларатә партниорра асаммитнӡа мчыбжьқәак шагу. Мрагыларатә партниорра асаммит мҩаҧысуеит ҧхынҷкәын  14-15 рзы, убри аҟынтә, Ассоциациатә трио ахаҭарнакцәа Евроеидгыла анапхгара ирацәажәоит асаммит аҟынтә иззыҧшыша аинициативақәа ирызкны.

Ассоциациатә трио Мрагыларатә партниорра асаммит аҟынтә аконкреттә алҵшәақәеи аихшьаалатә декларациеи иазыҧшуп», — иҳәеит Давиҭ Залкалиани.