Иахьа ақырҭуа Аиашахаҵаратә уахәама  Светицховелоба аныҳәамш азгәанаҭоит
Иахьа ақырҭуа Аиашахаҵаратә уахәама  Светицховелоба аныҳәамш азгәанаҭоит

Иахьа ақырҭуа Аиашахаҵаратә уахәама «12ҩык ацҳаражәҳәаҩцәа ргәаларшәара амш» –   Светицховелоба азгәанаҭоит.

Светицховели аныхабаа аҿы аныҳәатә Анцәа имаҵзура мҩаҧысуеит.

Аҩыра цқьа инақәыршәаны, Иаса Қьырса 12ҩык ацҳаражәҳәаҩцәа алихит. Урҭ руаӡәы,  Иуда Искариот, Қьырса динаҧхеит. Убри аамышьҭахь, Иҳақәиҭу Қырҭтәыла ақьырсианра аларҵәаразы  Матфеи дықәиргылеит. Абри амш азы Ауахәама  абарҭ Ацҳаражәҳәаҩцәа ргәаларшәара амш азгәанаҭоит: Пиотри иашьа Андеи, Иакови иашьа Иоанни, Филлип, Варфоломеи, Фома, Матфеи, Иаков,  Алфеи, Иуда  (Фаддеи), Симон Ашьыцҩы, Матфии.

Светицховлоба шықәсыкала ҩынтә иазгәарҭоит  —  ажьырныҳәа 14-и ҧхынгәы  13-еи рзы.