Иахьа апарламент аҿы афинансқәа рминистр изыӡырҩуеит
Иахьа апарламент аҿы афинансқәа рминистр изыӡырҩуеит

Иахьа Қырҭтәыла апарламент  аҿы,    «Аминистр исааҭ» аформат аҿы, афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили изыӡырҩуеит.  Лаша Хуцишвили, аминистр иаҳасабала, раҧхьаӡа акәны адепутатцәа рҿаҧхьа дықәгылоит.

Иара, бжеиҳарала, аҳәынҭқарратә биуџьет анагӡара далацәажәоит.

Апарламенттә оппозициа крызҵазкәа азҵаарақәа рықәыргыларазы рҽазыҟарҵоит. Арҭ азҵарақәа иреиуп лари акурси акоронавирус апандемиеи.