Иахьа Америка Урыстәыла иаҿагыланы асанкциақәа рышьақәыргылара ргәы иҭоуп
Иахьа Америка Урыстәыла иаҿагыланы асанкциақәа рышьақәыргылара ргәы иҭоуп

Иахьа Америка Урыстәыла иаҿагыланы асанкциақәа рышьақәыргылара ргәы иҭоуп. Ари атәы аанацҳаит агентра  Reuters.

АИХ рдыррақәа рыла,  «асиа еиқәа» ианырҵарц ргәы иҭоуп  30 урыстәылатәи аиҿкаарақәа, иара убас, жәаҩык Урыстәыла атәылауаа Америка иалырҵоит.

Америка Урыстәыла асанциақәа азышьақәыргылара рыӡбеит аиҳабыратә программатә аиқәыршәара  Solarwind азы Урыстәла ала имҩаҧнагаз ажәылара амшала. Акибержәылара  абзоурала, ахакерцәа, зқьыла америкатә аилахәырақәеи  аҳәынҭқарратә структурақәеи рбара алшара роуит.  Microsoft  ахада Бред Смит иҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу акибержәылара адунеи аҿы зегьы реиҳа зымҽхак дуу иуадаҩу акибержәылароуп.