Иахьа афашизм аҵархара мшуп
Иахьа афашизм аҵархара мшуп

Иахьа, лаҵара 9  —  Афашизм аҵархаара мшуп. 1945 шықәса лаҵара   8 рзы, Германтәыла акапитулиациа ашьҭахь, Аҩбатәи адунеитә еибашьра хыркәшан. Лаҵара  9 афашизм аҵархара мшны ирылаҳәан.  Аҩбатәи адунеитә еибашьра аан Қырҭтәыла ацәыӡ ду аиуит  –   300 000ҩык раҟара ҳтәылауаа ҭахеит.

Кыршықәса рыҩнуҵҟа, абри амш азы, аибашьра аветеранцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи, ишаҧу ала, Ваке апартк аҿы еизаны, Зыхьӡ дырым аруаҩ инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭарҵоит.  Аха, сынтәа, апарк аҿы имҩаҧысуа аиҭашьақәыргылартә усурақәа рымшала,  Ваке апарк аҿы аиааира амш азгәаҭаратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуам.  Қарҭ ахадара аинформациа ала, Аҩбатәи адунеитә еибашьра иалаӡыз ауаа ҳаҭырла иргәаладыршәоит аветеранцәа рыхьӡала иҟоу Акультуреи аҧсшьареи апарк аҿы  (Киквиӡе ипарк).

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала, афашизм аҵархара инаркны  76 шықәса аҵра инамаданы, Аҩбатәи адунеитә еибашьра алахәылацәа, зныктәи асоциалтә цхыраара ҳасабала,  1000 лари роуеит, Аҩбатәи адунеитә еибашьра иалаӡыз ауааҧсыра рҭаацәарақәа  — 500 лари.