Иапониеи ЕАШ-и зымҽхак ҭбаау арратә зыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргоит
Иапониеи ЕАШ-и зымҽхак ҭбаау арратә зыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргоит

Иапониа ашьаҟартә мчқәеи ЕАШ аруааи зымҽхак ҭбаау арратә зыҟаҵарақәа Orient Shield еицымҩаԥыргоит. Азыҟаҵарақәа рхы аладырхәоит хнызқҩык арратә маҵзуҩцәа.

Ари атәы ааицҳаит Иапониа Атәылахьчара аминистр Киши Нобуо. Аминистр иажәақәа рыла, азықаҵарақәа рашәара 24 рзы иалаганы, ԥхынгәы 11-нӡа инагӡоит.

Иапониеи ЕАШ-и зымҽхак ҭбаау арратә зыҟаҵарақәа Orient Shield есышысқәса еицымҩаԥыргоит 1985 шықәса инаркны.