Иаку амилаҭтә ҵысра ахаҭарнакцәа Шарль Мишель идокумент ҿыц иадҳәаланы рпозициа аарҧшразы аамҭа рҭахуп
Иаку амилаҭтә ҵысра ахаҭарнакцәа Шарль Мишель идокумент ҿыц иадҳәаланы рпозициа аарҧшразы аамҭа рҭахуп

«Иахьатәи адокумент ҧасатәи авариант аасҭа хәыҷык еиҕьуп. Адокумент аҿы еилыкка иарбоуп аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәра шыҟало, изаамҭаным алхрақәа шымҩаҧгахо. Ҳара адокумент ҳалацәажәоит, аха анапаҵаҩразы макьана акгьы сызшәаҳәом. «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа иахьа аиҿцәажәарақәа рахь изымааз сыздырӡом. Даргьы адокумент анапаҵаҩра иадҳәаланы ргәы иҭоу еилкаам», — илҳәеит  «Иаку амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнак  Саломе Самадашвили.