Иакоб Қаџьаиеи Рамаз Зоиӡеи Киев ахьтәы медалқәа ргеит
Иакоб Қаџьаиеи Рамаз Зоиӡеи Киев ахьтәы медалқәа ргеит

Киев имҩаҧысуаз ақәҧаразы жәларбжьаратәи атурнир аҿы ақырҭуа 2 финалк мҩаҧысит.

67 кьыла акапантә категориаҿы иқәҧоз Рамаз Зоиӡе  Джони Хецуриани даҵаирхеит. Ихьанҭоу акапантә категориаҿы иқәҧоз Иакоб Каџьаиа Звиад Патариӡе диааит. Рамаз Зоиӡеи Иакоб Каџьаиеи ахьтәы медалқәа ргеит.

 

Адунеи ачемпион Лаша Гобаӡе ари атурнир аҿы  87 кьыла акапантә категориаҿы дықәгылон. Афинал аҿы аицлабрақәа рыҧшәма  Семен Новиков диҧылеит, аха даҵахеит.