Гурам Ҧалавандишвили – Ҳара азакәан ҳақәныҟәоит, аха, закәан Жәа-уасиаҭк ирҿагылазар,  Америка ацҳаражәҳәаҩ лоума, Ҭырқәтәылоума, Путин иоума, абри аҩыза азакәан ақәныҟәара аӡәгьы изҳадицалом
Гурам Ҧалавандишвили – Ҳара азакәан ҳақәныҟәоит, аха, закәан Жәа-уасиаҭк ирҿагылазар,  Америка ацҳаражәҳәаҩ лоума, Ҭырқәтәылоума, Путин иоума, абри аҩыза азакәан ақәныҟәара аӡәгьы изҳадицалом

«Ҳаҩны еимырдан,  азакәан иаҵанамкәаз акгьы рымбеит», — иҳәеит Гурам Ҧалавандишвили иҩны аимдара ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз.

Аусеилыргаратә уснагӡатәқәа рышьҭахь,  Ҧалавандишвили аполициатә усбарҭашҟа дыргеит. Иара ишиҳәаз ала, аҿахәы рыҭаразы мап икит.

«Ҳара азакәан ҳақәныҟәоит, аха, закәан Жәа-уасиаҭк ирҿагылазар,  Америка ацҳаражәҳәаҩ лоума, Ҭырқәтәылоума, Путин иоума, абри аҩыза азакәан ақәныҟәара аӡәгьы изҳадицалом.  Уажәы аполициашҟа ҳцоит.  Ишыздыруа ала, ҳааныркылом, ҳҿахәы ҳамырхыр рҭахуп. Адукат дыҟамкәа аҿахәы раҳҭом. Азинхьчаҩцәа амчылара аиҿкааҩцәа: «Ҭбилиси Праиди»  амедиа-террористцәеи ааныркылом, абри ауп зегьы реиҳа ҳзыргәамҵуа.  Шәара –  атеррористцәа шәоуп иаанкылатәу. Ажурналистцәа роуп атеррор еиҿызкааз. Ҳаргьы ҳаҧсыр ауан, егьырҭ ауааҧсырагьы иҧсыр ауан. Шәара шәоуп амчылаҩцәа», — иҳәеит Гурам Ҧалавандишвили ажурналистцәа рахь ихы рханы.