Gulf Air Қырҭтәыла авиаџьармыкьахь ихынҳәит
Gulf Air Қырҭтәыла авиаџьармыкьахь ихынҳәит

Бахреинтәи авиаеилахәыра Gulf Air Қырҭтәыла ахырхарҭала  еиԥырҟьам ареисқәа рынагӡара еиҭалагоит.

Апандемиа ашьҭахь Бахреин-Қарҭ-Бахреин ахырхарҭала раԥхьаӡатәи ареис иацы инагӡан.

Қырҭтәыла атәылауаҩратә авиациа агентра адыррақәа ала, еиԥырҟьам ареисқәа Бахреини Қарҭи рыбжьара сынтәа ҵәыббранӡа амчыбжь азы ԥшьынтә – аҩашеи, ахашеи, аԥшьашеи асабшеи рзы нагӡахоит

Gulf Air Қырҭтәыла авиациатә џьармыкьаҿ 2017 шықәсазы ицәырҵит.