Григол Вашаӡе – Анапынҵақәа шьҭаҵаны, апартиа салҵуеит
Григол Вашаӡе – Анапынҵақәа шьҭаҵаны, апартиа салҵуеит

Анапынҵақәа шьҭаҵаны, апартиа салҵуеит,  – абри аҳәамҭа асоциалтә каҭаҿы алаирҵәеит апартиа «Амилаҭә ҵысра» ахантәаҩы Григол Вашаӡе.

«Ари ашьаҿа аҟаҵара даара исцәыуадаҩуп, аха ԥсыхәа сымам. 2017 шықәса ажьырныҳәа инаркны ԥшьышықәса ирылагӡаны апартиа апозициақәа рырӷәӷәареи арҭбареи, Қырҭтәылаатәылауаа рҟынтә анапхгарахь ахынҳәразы амандат аиуразы исылшоз зегь ҟасҵон.

Иҟаҳҵас рацәоуп ҳәа сгәы аанагоит, аха сара азы адкылашьа змам афактқәа аарԥшит. Апартиа астратегиа сақәшаҳаҭым.

Астратегиатә ҳпартниорцәа, адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәа раҳаҭыр аларҟәреи иаҭәашьам ахымҩаԥгашьеи рыдгылара сылшом, ари саҿагылоит.

Ҳҩызцәа рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭасҵоит!

Апроблемақәа реиқәыԥхьаӡара насыгӡом.

Апартиа алахәылацәа ақәҿиарақәа ирзеиӷьасшьоит,» – иҩит Вашаӡе Феисбук аҿы.