Григол Гегелиа -  Аоппозициаа реидгылара нагӡахоит  асистема аиҭарҿыцра ҳалшаанӡа
Григол Гегелиа -  Аоппозициаа реидгылара нагӡахоит  асистема аиҭарҿыцра ҳалшаанӡа

Аиҿцәажәарақәа рынагӡареи алҵшәа аиуреи азы макьана алшара иҟоуп.  Абри апроцесс аҿы аҵакы ду амоуп  «Ақырҭуа гәахәтәы» рхымҩаҧгашьа иаша, —  иҳәеит апартиа  «Лело» ахаҭарнак Григол Гегелиа анапхгаратә гәыҧи аоппозициеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа рынагӡара аперспектива даналацәажәоз.

Иара иҳәамҭала,  зыҩаӡара ҳараку жәларбжьаратәи апартниорцәа мшаҧы азы Қырҭтәылаҟа еиҭааауеит.

«Жәларбжьртәи ауаажәларраҟынтә асасцәа ҳрызҧшуп. Мшаҧы азы Қырҭтәылаҟа еиҭаауеит зранг ҳараку ҳпартниорцәа, аконкреттә формат макьана салацәажәар сҭахым.  Евроеидгыла ахаҭарнакцәа ҳаҧхьаҟагьы абри апроцесс аҿы Қырҭтәыла иацхраауеит», — иҳәеит Гегелиа.