Гори автомобилистцәа абылтәы ахә ацлара иадҳәаланы апротест ҟарҵеит
Гори автомобилистцәа абылтәы ахә ацлара иадҳәаланы апротест ҟарҵеит

Гори автомобилистцәеи атаксистцәеи  акциа мҩаҧыргеит.

Акциа алахәылацәа абылтәы ахә ацлара иадҳәаланы апротест ҟарҵан,  аиҳабыра ирыҳәеит абри апроблема аҭыҧ иқәырҵарц.

«Ҳара абылтәы ахә ацлара ҳақәшаҳаҭым. Амашьынарныҟәцаҩцәа ари апроблема даараӡа иаргәамҵуеит.  Ҳәарада, аҳәынҭқарра ауп абри апроблема зыӡбаша. Абылтәы аимпортиорцәа роуп ари азҵааразы аҭак зыҧхәықәу», — иҳәеит акциа алахәылацәа руаӡәы.