Гиа Вольски  - Ҳара аплебисцит акәымкәа,  алхрақәа мҩаҧаагеит
Гиа Вольски  - Ҳара аплебисцит акәымкәа,  алхрақәа мҩаҧаагеит

«Ҳара аплебисцит акәымкәа,  алхрақәа мҩаҧаагеит », — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.

«Ҳара аҭагылазашьа иашьашәаланы аихшьаала ҟаҳҵароуп. Ҳара аплебисцит акәымкәа, алхрақәа мҩаҧаагет. Ажәлар абарҭ алхрақәа раан рпозициа аадырҧшит.  Алхрақәа рылҵшәақәа гәҩарас  рыҟаҵара ҟалом,  уи ажәларгьы атәыла аинтересқәагьы ирҧырхагахоит», — иҳәеит Гиа Вольски.

Иахьа апартиа  «Гирчи» ахаҭарнак Иаго Хвичиа ишьақәирҕәҕәеит иацы аоппозициа атәылаҿы иҟоу ацҳаражәҳәаҩцәа ирырҭаз аҳәарақәа ишреиу аплебисцитгьы. Иара ишиҳәаз ала, азҵаара абас иқәыргылатәуп  — изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгара шәақәшаҳаҭума?.