Германтәылатәи абиуџьеттә авиаеилахәыра   Eurowings  ақырҭуа авиамҩангаратә џьармыкьа иалалеит
Германтәылатәи абиуџьеттә авиаеилахәыра   Eurowings  ақырҭуа авиамҩангаратә џьармыкьа иалалеит

Германтәылатәи абиуџьеттә авиаеилахәыра   Eurowings  ақырҭуа авиамҩангаратә џьармыкьа иалалеит. Диуссельдорфтәи аҳаирбаҕәазаҿы иҟоу авиаеилахәыра иахьа Қарҭҟа раҧхьатәи ишиашо  ареис мҩаҧнагеит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы  Eurowings раҧхьатәи ареис аҧылара  ацеремониа рхы аладырхәит аекономика аминистр Наҭиа Турнавеи уи лхаҭыҧуаҩ Мариам Қвривишвилии.

Eurowings  Диуссельдорфи Қарҭи рыбжьара ареисқәа мҩаҧнагоит мчыбжьык ала ҩынтә  — ахашеи амҽышеи  рзы.