Германтәыла, Зелимхан Хангошвили ишьра амшала, Урыстәыла асанкциақәа азышьақәнаргылар ауеит
Германтәыла, Зелимхан Хангошвили ишьра амшала, Урыстәыла асанкциақәа азышьақәнаргылар ауеит

 

Қырҭтәыла атәылауаҩ Зелимхан Хангошвили Берлин ишьра амшала, Германтәыла аиҳабыра Урыстәыла асанкциақәа азышьақәнаргылар ауеит. Аурыс АИХ ари атәы аарыцҳаит анемец ҭыжьымҭа  «Шпигель» аинформациа шьаҭас иҟаҵаны.

Аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, Хангошвили ишьразы ахара зду ауаҩы аӡбараҿы ихара шьақәдырҕәҕәар, Германтәыла Урыстәыла аҿыц санкциақәа азышьақәнаргылар ҟалап.

Аурыс АИХ адыррақәа рыла, Германәтыла аиҳабыреи Евроеидгыла аҟны рпартниорцәеи Урыстәыла иаҿагыланы асанкциақәа рышьақәыргылара иақәшаҳаҭуп.

Аӡбара ақәҵара аднакылоит иааиуа ашықәс хәажәкыразы.

Қырҭтәыла атәылауаҩ Зелимхан Хангошвили  2019 шықәса нанҳәа 24 рзы Берлин дыршьит.